Аԥсны

Аҳазалхратә лагалақәа рзы Аԥсны ашықәстәи аплан нагӡоуп 29% рыла еиҳаны

2023 шықәса ажьырныҳәа инаркны ԥхынҷкәынынӡа Аԥсны абиуџьет иаланагалеит аҳазалхратә шәарақәа 3,6 миллиард мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 2 – Sputnik. Аҳазалхратә лагалақәа рзы Аԥсны 2023 шықәсазтәи аплан нагӡоуп 29% рыла еиҳаны ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, Аԥсны абиуџьет иаланагалеит аҳазалхратә шәарақәа 3,67 миллиард мааҭ инареиҳаны – планла иарбаз аасҭа 826 миллион мааҭ рыла еиҳаны.
Иазгәаҭоуп, 2022 шықәсазы, абри аамҭа иаҿурԥшуазар, ишалагалаз 2,9 миллиард мааҭ – 748 миллион мааҭ рыла еиҵаны.