АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Урыстәыла АҶА Краснодартәи аусбарҭа хада иаанацҳауеит Шәача ашьхақәа рҿы асыԥсалеиразы ашәарҭара шыҟоу азы. Абри атәы ҳәоуп аусбарҭа асаит аҟны.
"Ажьырныҳәа 3, 2024 шықәса асааҭ 18:00 инаркны ажьырныҳәа 5 асааҭ 18:00 рҟынӡа Шәача иахьаҵанакуа амшын аҟынтәи 1500 метра ашьхараҿы асыԥса леиуеит ҳәа ашәраҭара ыҟоуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭа аҳәара ҟанаҵоит ақалақь-курорт иаланхо ауааԥсыреи асасцәеи рахь, ашьхарахь амш аҽыԥсахрақәа ирыцклаԥшларц, асоураан амҩа иқәымларц, рымҩа ахырхарҭа ҭырҵаарц, асыԥса алеираз ашәарҭара ахьыҟоу аҭыԥқәа ирызҿлымҳахарц.