АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. Аԥсныҟа Ашықәс ҿыц азы рыԥсы ршьарц иаауа рхыԥхьаӡара сынтәа 5% рыла еиҳауп ҵыԥх аасҭа, абри атәы аанацҳауеит Атуризм азы аминистрра.
Иазгәаҭоуп урыстәылаа реиҳа иалыркаауа ахырхарҭақәа жәаба ишрылоу ареспубликагьы.
Аԥсшьаразы аҭыԥқәа анныркыло аԥсшьацәа еиҳарак иалырхуеит аӡырԥхақәа зҭоу аӡҭарчқәеи SPA-комплексқәеи змоу асасааирҭақәа.
Урҭ реиҳарак иахьыҟоу Гагра, Пицунда, Афон ҿыц ауп. Бжьаратәла аԥснытәи асасааирҭақәа рҿы Ашықәс ҿыц азы ф-нызқь мааҭ иаԥсоуп уахыктәи аԥсшьара, бжьаратәла 5-6 мшы иаангылоит.
Иара убас аусбарҭа иаанацҳауеит Аԥсны аԥхын аԥсшьаразы аҭыԥқәа ааныркыло иалагахьеит - цәыббрамзанӡагьы иаанызкыло дубап.