АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. Еихагылакны иҟоу ахатәыҩны блит Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Ахҭыс ҟалеит ҳәа АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит аԥшьаша, ажьырныҳәа 4, асааҭ 10:19 рзы.
Амцарцәаҩцәа анааи, аҩны зегьы амца акхьан, аҿаԥарахь ииасхьан. Амца ишрылшоз ала ишдырцәозгьы, аҩны зегьы блит.
Амашәыр аан аӡәгьы акгьы имыхьит. Амцакра ҟалеит афымцацәаҳәақәа реидыслара иахҟьаны.