Қьырсаныҳәа лаша ихәыҷра ашықәсқәа рзы ишазгәарҭоз, аныҳәа аҭоурых, аҵакы атәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Кьиут).
Ақьырсианраҿы иаҳа ихадоу аныҳәақәа иреиуоу Иаса Қьырса иира аныҳәа азгәарҭоит ажьырныҳәа 7 рзы. Қьырсаныҳәазы 40 мшы ицоз ачгара иҵыҵуеит. Ари амш Аԥсны иныҳәатә ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп. Қьырсаныҳәа инаркны ауп ҳашықәсԥхьаӡара шалаго.
"Қьырсаныҳәа адунеи ахьынӡанаӡааӡо пату ду ақәуп, зегьынџьара иаԥылоит. Аԥсынтәыла лымкаала даара бзиа ирбоит ари аныҳәа. Исгәалашәоит саныхәаҷыз сандуцәа сабдуцәа ақыҭаҟны ишаԥылоз, бзиа ишырбоз, ауахәамақәа ахьыҟамызгьы ацәашьқәа адыркуан, еиуеиԥшым афатәқәа рыла аишәақәа дырхион, игәырӷьон даараӡа… Уажәшьҭа сара схәыҷым, аха хәышықәса, жәашықәса анысхыҵуаз еиԥш, уажәгьы убас сгәы цыхцыхуеит, сазыԥшуп", - иҳәеит Кьиут.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.