Урыстәыла

Владимир Путин Қьырсаныҳәа рыдеиныҳәалеит урыстәылауаа аиашахаҵаҩцәа

Ақьырсиан иашахаҵаҩцәа ажьырныҳәа 7 рзы иазгәарҭоит ихадоу аныҳәа Қьырсаныҳәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин урыстәылауаа аиашахаҵаҩцәа Қьырсаныҳәа рыдеиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит Кремль асаит.
"Миллионҩыла ауаа қьиақәа еидызкыло, зегь бзиа еицырбо, иззыԥшу ақьырсиантә ныҳәоуп. Ашәышықәсқәа иргәылган иааргоит ҳҭоурых аҟны хадара зуа, адоуҳатә маҵзура", - ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Урыстәыла ахада наҵшьны иазгәеиҭеит, Аурыс аиашахаҵаратә уахәамеи егьырҭ Урыстәыла ақьырсиан динхаҵарақәеи рлагала шдуу аҭоурыхтә ҭынха аиқәырхареи, аҭаацәаратә институт арӷәӷәареи, иара убас апатриоттә ааӡареи рыҟны. Путин иҳәеит, ауахәамақәа рымчра шырхоу арегион ҿыцқәеи арратә аоперациа ҷыда алахәылацәеи урҭ рҭаацәеи адгылара рыҭараз.
Қьырсаныҳәа ауха Владимир Путин арратә аоперациа ҷыдаҿ иҭахаз рҭаацәеи иареи аҭааит, Ново-Огарево ауахәамаҿ имҩаԥысуаз анцәаимҵаныҳәара.