Миллионҩыла адунеи иқәынхо ақьырсиан иашахаҵаҩцәа иазгәарҭеит ауахәаматә ныҳәақәа ирхадоу — илашоу Иаса Қьырса иирамш.
Евангелиа излаҳәо ала, Аԥаимбар Вифлеемтәи ахьчацәа ирылеиҳәеит агәырӷьара ду шыҟалаз, ауаа реиқәырхаҩ Иаса Қьырса дышииз. Аиашахаҵаратә қьырсиантә мзар инақәыршәаны Қьырсачгара алагоит абҵара 28 инаркны ажьырныҳәа 7 рҟынӡа.