https://sputnik-abkhazia.info/20240107/zeg-eitsyrzeishu-anya-yrsanya-adunei-atylaa-ryny-ishazgaro-1049772614.html
Зегьы еицырзеиԥшу аныҳәа: Қьырсаныҳәа адунеи атәылақәа рыҟны ишазгәарҭо
Зегьы еицырзеиԥшу аныҳәа: Қьырсаныҳәа адунеи атәылақәа рыҟны ишазгәарҭо
Sputnik Аҧсны
Ақьырсиан иашахаҵаҩцәа Иаса Қьырса иирамш азгәарҭоит ажьырныҳәа 7 рзы. 07.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-07T22:10+0300
2024-01-07T22:10+0300
2024-01-08T11:39+0300
урыстәыла
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/07/1049771204_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_49cd9158535cd6c659fa2c231361b33b.jpg
Миллионҩыла адунеи иқәынхо ақьырсиан иашахаҵаҩцәа иазгәарҭеит ауахәаматә ныҳәақәа ирхадоу — илашоу Иаса Қьырса иирамш. Евангелиа излаҳәо ала, Аԥаимбар Вифлеемтәи ахьчацәа ирылеиҳәеит агәырӷьара ду шыҟалаз, ауаа реиқәырхаҩ Иаса Қьырса дышииз. Аиашахаҵаратә қьырсиантә мзар инақәыршәаны Қьырсачгара алагоит абҵара 28 инаркны ажьырныҳәа 7 рҟынӡа.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/07/1049771204_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_afbc0c96f7e925eae0c4ddd4fb9a34d0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, фото
Зегьы еицырзеиԥшу аныҳәа: Қьырсаныҳәа адунеи атәылақәа рыҟны ишазгәарҭо
22:10 07.01.2024 (ирҿыцуп: 11:39 08.01.2024) Ақьырсиан иашахаҵаҩцәа Иаса Қьырса иирамш азгәарҭоит ажьырныҳәа 7 рзы.
Миллионҩыла адунеи иқәынхо ақьырсиан иашахаҵаҩцәа иазгәарҭеит ауахәаматә ныҳәақәа ирхадоу — илашоу Иаса Қьырса иирамш.
Евангелиа излаҳәо ала, Аԥаимбар Вифлеемтәи ахьчацәа ирылеиҳәеит агәырӷьара ду шыҟалаз, ауаа реиқәырхаҩ Иаса Қьырса дышииз. Аиашахаҵаратә қьырсиантә мзар инақәыршәаны Қьырсачгара алагоит абҵара 28 инаркны ажьырныҳәа 7 рҟынӡа.

Ажьырныҳәа 6-7 руха Аԥсны имҩаԥысит Қьырсаныҳәа иазку анцәаимҵаныҳәарақәа.

Москватәии Урыстәылазегьтәии Апатриарх Кирилл Москва Иҳақәиҭу Аԥсҿыхҩы Иаса Қьырса иныхабааҿ.

Қьырсаныҳәазтәи анцәаимҵаныҳәарақәа мҩаԥысоит ақьырсиан иашахаҵаҩцәа ахьынхо аԥсылмантә тәылақәа рҟынгьы. Афотосахьаҟны Каири Египти рыҟны аныҳәа азгәарҭоит.

Аиашахаҵаҩцәа Қьырсаныҳәа азгәарҭоит Ереван Ацқьа Григори Арккаҩы иныхабаа аҟны.

Белград Қьырсаныҳәа аламҭалаз ауаа еизоит иҩҩоу аџьҵла амахәқәа рыла амца аиқәҵаразы.

Амузыка - аныҳәа иасимвалуп, иара убас Қьырсаныҳәазгьы.

Қьырсаныҳәа - ҭаацәаратә ныҳәоуп. Афотосахьаҟны ахәыҷы исахьа Санкт-Петербург Казантәи аныхабаа аҟны анцәаиашьапкра алагаанӡа.

Аџьартә ныҟәара мҩаԥысуеит Иаса Қьырса дахьииз Вифлием.

Москватәии Урыстәылазегьтәии Апатриарх Кирилл Москва Иҳақәиҭу Аԥсҿыхҩы Иаса Қьырса иныхабааҿ анцәаимҵаныҳәара иҩаԥигоит.

Ново-Огарево имҩаԥысуаз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит Урыстәыла ахада Владимир Путин.

Қьырсаныҳәа аламҭалаз ауаа ацәашьқәа рыблоит...

...зегь раасҭа иззыҳәо ргәы иҭаркоит.

Еиуеиԥшым атәылақәа рыҟны ныҳәак шеицазгәарҭогьы, досу рхатә ҷыдарақәа рымоуп.

Убыс, Босниа ақьырсиан иашахаҵаҩцәа Қьырсаныҳәа аламҭалаз, традициала ишаԥу еиԥш ирблоит иҩҩоу аџьҵла амахәқәа.

Қьырсаныҳәа азгәарҭоит Ефиопиагьы, араҟа есышықәса еизоит зқьҩыла аиашахаҵаҩцәа.

Адунеи иқәынхо зқьҩыла ауааԥсыра рзы Қьырсаныҳәа - ари илашоу, ихырҳагоу, аџьашьахә ахаҵара иадҳәалоу ныҳәоуп.