Аԥсныҟа Ашықәсҿыцаз рыԥсы ршьарц иаауа рхыԥхьаӡара сынтәа 5% рыла еиҳауп ҵыԥх аасҭа. Абри атәы аанацҳаит Атуризм азы аминистрра. Аԥсны еиуеиԥшым аҵакырақәа рҟны ԥсшьара иаауа асасцәа хызхуа аҭыԥқәа ыҟоуп.
"Иахьа Аԥсныҟа иаауа атурист иааирԥшуа азҿлымҳара аҳәаақәа рыҽдырҭбаауеит. Иаҳҳәап, еицырдыруа аныҟәаратә хырхарҭақәа Риҵа, Афон ҿыц, Аҟәа, Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа… атурист азҿлымҳара бзиа ааирԥшуеит. Иҟоуп хԥа-ԥшьба, хәымш инаӡо атурқәа. Урҭ рҳәаа иҭагӡоуп Мрагыларатәи ахәҭа аҭаарагьы", - иҳәеит Қаԥшь.
Иара иазгәеиҭеит атуристцәа ӡынгьы-ԥхынгьы изызҿлымҳау, иалыркаауа хырхарҭаны ишыҟоу Риҵа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.