Арадио

Ԥҳазариа еиҭеиҳәеит Хыԥсҭа ақыҭа анхацәа амшцәгьа ашьҭахь ирыҭоу ацхыраара атәы

Ԥхынҷкәын 23 ауха Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны Хыԥсҭа ақыҭан анхацәа рынхарҭақәа ааха рыҭан. Иахьазы инагӡоу аусурақәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭан ахада Геннади Ԥҳазариа.
Sputnik
Ԥҳазариа еиҭеиҳәеит амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы. Иҳәеит х-ҩнык рхыбқәа зынӡагьы иҟаӡамшәа ишыхнахаз, илеиуаз ақәа иахҟьаны ауаа рыҩнымаҭәа шыԥхасҭахаз, иара убас ирацәаны аҵлақәа каҳаит, урҭ афымцатә цәаҳәақәа ааха ду рнаҭеит, хымш аҳаблақәа руак аҟны анхацәа лашарада иҟан.
"Иахьазы ахыбрақәа змамыз аҩнқәа хԥа ҿыц ихыбны иҟаҵоуп. Еиҭа хыџьара ахыб ԥсахтәуп, уи аза амаҭәахә мазеины иҟоуп. Амшцәгьа аныҟаз ирацәаны аҵлақәа каҳаит. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа ирыбзоураны иқәган абжакы, иаанахаз араион амчала аусурақәа нагӡан арҭ амшқәа рзы. Хымш алашара ыҟаӡамызт аҳаблақәа руак аҿы. Аԥхасҭа рыҭан ацәаҳәақәеи ашьаҟақәеи. Иахьазы иҟаҵатәны иаанхоит ашкол аанда. Иҟоуп аҭаацәарақәа зхала зегьы еиҭашьақәзыргылаз, иҟоуп ацхыраара ахьырҭаху, арзаҳалқәа алазҵаз, дара зегьы ирыхәаԥшны ацхыраара рыҭахоит", - ҳәа иҳәеит Ԥҳазариа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.