АҞӘА, ажьырныҳәа 8 - Sputnik. Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иааныркылеит Аԥсны атәылауаа хҩык анаркотикатә маҭәашьарқәа ҵәахны ирыман ҳәа гәҩарас иҟаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит ареспублика АҩАР апресс-маҵзура.
23 шықәса зхыҵуа Алиас Сыҷынаа даанкылан Аҟәа. Иара аметадон зҭаз амедицинатә шприц идырбалеит.
Изакәанымкәа анаркотикқәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара аҭира хықәкыс иҟамҵакәа идырбалеит Гагра араион Лӡаа ақыҭа анхаҩы 38 шықәса зхыҵуа Даур Анҭелаа. Иара идырбалеит амаҭәашьар зҭаз агәыри аххыра згәылаз аилаҳәареи. Урҭ зегьы анаркотикатә маҭәашьарқәа ракәын.
Даҽа ҩ-гәырк рбеит Гәылрыԥшь араион анхаҩы 40 шықәса зхыҵуа Роберт Каарес иҿы.
Урҭ рганахьала ашьаусқәа хацыркуп, атәыла ишалымҵуазы ашәҟәы рнапы аҵарҩуп.