Аԥсны

Ҷлоу иҟалаз амцакра иахҟьаны аԥҳәыс дҭахеит

Аиқәырхаҩцәа амцакра ахьыҟалаз аҭыԥаҿ иаанааи аамҭазы амца аҩны зегьы амҽханакхьан, ирылшоз зегь шыҟарҵазгьы аҩны зегь блит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 8 - Sputnik. Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан иҟалаз амцакра иахҟьаны 60 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс дҭахеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Аҷаԥшьаратә ҭыԥахь абылра шыҟалаз азы адырра ҟалеит амҽыша, ажьырныҳәа 7 асааҭ 9:32 рзы.
Аиқәырхаҩцәа амцакра ахьыҟалаз аҭыԥаҿ иаанааи аамҭазы, амца аҩны зегьы амҽханакхьан, аҩны зегьы блит.
Абылра зыхҟьаз ҭырҵаауеит.