АҞӘА, ажьырныҳәа 9 – Sputnik. Ҳазҭалаз 2024-тәи ашықәс аҭоурых аҟны зегь раасҭа ашоура ӷәӷәа ҟалар алшоит ҳәа аанацҳауеит Bloomberg.
Ашоура ӷәӷәа ахҟьар ҟалоит – аԥсабаратә феномен Ель-Ниньо акәша-мыкәша аҳауа ашьҭыҵра.
2023 шықәсазы бжьаратәла иарбан 1,4 градус Цельси еиҳаны, аиндустриатә аамҭа (XVIII ашәышықәса аҟынӡа) аасҭа.
Аекспертцәа заанаҵтәи рыхәшьарақәа рыла, сынтәатәи ашықәс азы аҳауа аԥхарра 1,3 — 1,6 градус ишьҭыҵуеит.
Аҟазацәа ргәаанагарала, еиҳарак уи зыхҟьо аҳауа аҽыԥсахрақәа роуп. Аха иҟоуп даҽакгьы — Ель-Ниньо ацәырҵра — аԥхаррахара. Иҟалап, ауаатәыҩса аҳауатә система аҽыԥсахрақәа ирхысзыр ҳәа азгәанаҭоит Bloomberg.