Арадио

Габелаиа: иаҳхысыз ашықәс Очамчыра абиуџьет анагӡаразы даара ихьанҭан

Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артимон Габелаиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит 2023 шықәсазы араион аҿаԥхьа иқәгылаз ахыдҵақәа рынагӡара ахьынӡалыршаз, гәҭакқәас ирымоу атәы.
Sputnik
Габелаиа иажәақәа рыла ииасыз ашықәс мариамызт, абиуџьет анагӡара иадҳәалаз аусқәа залыршамхеит.
"Иаҳхысыз ашықәс атәы уалацәажәозар, ҳраион азы даара ихьанҭан, иуадаҩын абиуџьет анагӡаразы. Ауадаҩрақәа еснагь иҟан, аха ҳбиуџьет хазырҭәаауа аԥсыӡтә наплакқәа, ҳзауадқәа иаларгалараны иҟаз аԥара 80 миллион мааҭ абиуџьет иагхеит, аԥсыӡ аҟамзаара иахҟьаны. Убри аҟынтә ҳгәы иҭақәаз, иҟаҳҵараны иҟаз аусқәа мап зцәаҳкыз ҟалеит. Очамчыра араион абиуџьет асоциалтә ҟазшьа амоуп. Иагхаз ареспубликтә биуџьет аҟынтәи адотациа аҳасабала иалагалан. Ижәдыруеит, ҵыԥх апарламент иаднакылеит аӡбамҭа Афон иҟоу аҳаԥи Риҵатәи апарки рҟынтәи аҟәрышь ҳраион иалагалазарц. Урҭ аҩ-ҭыԥк рҟынтәи 28 миллион мааҭ инацны иартәеит. Убас аки-аки еицырхыраан", - иҳәеит Габелаиа.
2023 шықәсазы Очамчыра араион абиуџьет 423 миллион мааҭ шьақәнаргылеит, уи ахәҭа хада ареспубликатә биуџьет аҟынтәи адотациа аҳасабала иаланагалеит. 2024 шықәса рзы араион абиуџьет 500 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Габелаиа иажәақәа рыла, абиуџьет ахарҭәааразы ахыҵхырҭа ҿыцқәа ыҟам, ари ашықәс азы агәыӷра ду адырҳәалоит аԥсыӡкра аамҭа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.