АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. 2023 шықәсазы Аԥсны иаҭааит 1 300 000-ҩык аԥсшьаҩцәа ҳәа аарыцҳаит атәыла Атуризм аминистрраҿы.
Уаанӡа аусбарҭаҿы ишырҳәахьаз еиԥш, Риҵатәи апарк аҟынтәи 2023 шықәса афинанстә лагалақәа 385 миллион мааҭ еиҳаны. Ҵыԥх абри аамҭа ҳгозар, аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳан. 2022 шықәса 12 мзы ирылагӡаны амилаҭтә парк иаҭааит 633 238-ҩык, иҭиин 405,6 миллион мааҭ рыхә абилеҭқәа.
Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы иҭииз абилеҭқәа рыхә аҟынтәи иаланагалеит 272,4 миллион мааҭ. 2022 шықәсазы аҳаԥы иҭалеит 393 255-ҩык атуристцәа, иаанагаз аԥара 268,6 миллион мааҭ ыҟан.
Ҵыԥх абҵарамзазы заанаҵ аҭыԥнкыларақәа ирылагеит. Акциа аус ауеит 2024 шықәса хәажәкырамза анҵәамҭанӡа, аха уи иҵегьы заа ихыркәшазар ауеит иадҵаало ауаа рацәахар.