АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Урыстәыла - зегь рыла иӷәӷәоу, ԥхьаҟа ицо, иҿио ҳәынҭқарроуп, абри ауп иҳаҩсыз ашықәс ихадоу алҵшәа иҳәеит атәыла ахада Владимир Путин, Анадырь анхацәа данырԥылоз.
"Ҳара ҳхаҭақәеи адунеи зегьи идҳарбеит Урыстәыла - зегь рыла иӷәӷәоу, ԥхьаҟа ицо, иҿио аҳәынҭқарра шакәу, абри ауп иҳаҩсыз ашықәс ихадоу алҵшәа", - иҳәеит.
Владимир Путин инаҵишьит иара амчи алшеи шимоу аҳәынҭқарра иазеиӷьу аусура анагӡаразы, уи аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбаразы.