Аетнолог Виктор Аҩӡба арадио Sputnik адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҿы далацәажәеит, Ажьырныҳәа азгәаҭара ахьынтәиаауа, насгьы уи иадҳәалоу атрадициақа ртәы.
Адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" амҩаԥгаҩцәа Инал Лазбеи Елеонора Коӷониаԥҳаи аполитикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ганрацәала ирылацәажәалоит. Арадио Sputnik Аԥсны астудиахь иаарыԥхьалоит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы зхатә гәаанагара змоу аполитикцәа, аусдырыҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Адырраҭара ишиашоу ицо аефир аҿы есԥшьаша иҟоуп асааҭ 13 инаркны 14-нӡа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.