Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Купианcктәи ахырхарҭаҿы ԥшь-жәыларак аԥдырҟәҟәааит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Купиансктәи ахырхарҭаҿы ԥшь-жәыларак аԥдырҟәҟәааит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы Херсонтәи аобласт Берестово аиланхарҭаҟны иаԥырҟәҟәаан УАМ адесант-жәыларатә гәыԥ иатәу атехникеи аибашьцәеи ржәылара. Аӷа ицәыӡит 85-ҩык аибашьцәа, танкк, аршьаҟауаа реибашьыгатә машьына, х-машьынак, артиллериатә шьақәгыла "Krab", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иацәыӡит 160-ҩык асолдаҭцәа, ԥшь-машьынак, ахаланыҟәагатә шьақәгыла "Акация". Донецктәи ахырхарҭаҿы -260-ҩык аибашьцәа ҭархоуп, амашьынақәа 15, агаубица Д-20, "Мста-Б".
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархан 145-ҩык аруаа, акәылӡымашьынақәа ҩба, амашьынақәа хԥа, артиллериатә шьақәгыла "Акация". Запорожиетәи ахырхарҭаҿы -30-ҩык ҭахеит, аибашьыгатә машьынақәа ҩба, х-машьынак.
Иара убас Херсонтәи ахырхарҭаҿы Киев иацәыӡит 30-ҩык аибашьцәа, ԥшь-машьынак, агаубица Д-20.
Аруааи артиллериеи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла уахыки-ҽнаки икарыжьит УАМ аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба. 126 раион рҟны иҭархан арратә техникеи аибашьцәеи.
Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчагақәа HIMARS хгәыцәк ԥыржәеит, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 29.