Арадио

Барцыцԥҳа Ажьырныҳәазы: ақәра дуӡӡа змоу ныҳәоуп

Ажьырныҳәа шазгәарҭо, уи амҩаԥгараҿ ҽыԥсахрақәас иаланагалаз, мчыс иамоуп ҳәа ирԥхьаӡо, абзыԥқәа аныҳәа Хьычхәама ҳәагьы изашьҭоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы Марина Барцыцԥҳа.
Sputnik
Ажьырныҳәа абзыԥқәа рҿы Хьычхәама ҳәа ззырҳәо мҩаԥыргоит амзаҿа ангыло, ажәытәтәи иулиантәи амзар ала ажьырныҳәа 13 рзы.
Апсуаа жәытәнатә аахыс ари ашықәс еиҩшара ҳәа ирԥхьаӡон. Избанзар абри аламҭалаз "зимнее солнцестояние" ҳәа изышьҭоу амра аԥхынрахь ианхышәҭуа, амшгьы иубаратәы ацлара ианалаго ауп. Абри аҽны шьыжьымҭан Уаҭҳаратәи аныҳәаҩ Борис Аиба (иара ажьира ианамшу - шәахьеи-ԥшьашеи) ижьираҿ "Аԥхынныҳәара" мҩаԥигоит.
Аетнолог Марина Барцыцԥҳа иазгәалҭеит Ажьырыныҳәа акыр ижәытзӡатәиу ныҳәаны ишыҟоу.
"Иадҳҳәалар ҟалоит Нарҭаа репосгьы. Уи аепос 800 шықәса ҳера ҟалаанӡа ақәра амазар, ус акәзар ақәра дуӡӡа змоу ныҳәоуп. Аныҳәа, хымԥада, аамҭа цацыԥхьаӡа аҽаԥсахуеит. Владислав Арӡынба статиа бзиаӡак имоуп аныҳәа иазкны. Уаҟа иазгәаҭоуп ари аныҳәа уахынлатәи амза ныҳәароуп. Аԥсуаа ҳныҳәарақәа раӷьырак ҽынлатәи ныҳәарақәоуп, ари уахынлатәиуп. Ашьыбжьышьҭахь ауп ашьтәа аныршьо, аԥхьабзара анадырбо, аха аныҳәақәа зегьы ҳцәеилалеит, азқьышақәсақәа зхыҵуа аҽамԥсахыр ауӡом",- лҳәеит Барцыцԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.