Арадио

Гәынба 2023-тәи ашықәс акультураҿы: ҳазлаҽхәаша ҳамоуп

Арадио Sputnik аефир аҿы Аԥсны акультура аминистрра акультуреи аҟазареи рыҟәша аспециалист хада Адамыр Гәынба еиҭеиҳәеит ашықәс дара рзы изеиԥшраз, иарбан проектқәоу зынагӡара алыршахаз, насгьы, атәылазы еихьӡара дуны ирԥхьаӡо.
Sputnik
Аԥсны акльтура аминистрра ашықәсан иазгәанаҭаз ауснагӡатәқәа раӷьырак нагӡан, еиуеиԥшым аицлабрақәа, афестивальқәа, жәларбжьаратәи аиҭанеиааирақәа уҳәа имаҷым ахҭысқәа ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гәынба.
Абыргцәа рансамбль "Нарҭаа" аиҭеира қәҿиара дууны дахцәажәеит. Иара убас, ареспублика аҩнуҵҟа агастрольтә программа азҿлымҳара ду аман иҳәеит Гәынба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.