Ҟәруа иазгәеиҭеит иҳаҩсыз 2023 шықәса Аԥсны аихамҩазы имнашәалаз аамҭаны ишыҟаз.
"Аҟаҵарбақәа ҳанрыхәаԥшлак, ииасыз 2020, 2021, 2022 шықәса ирыҿҳарԥшыр, иумбар залшом Аԥсны аихамҩа иаҳа алҵшәа бзиақәа шаиуз. Уи сара сакәӡам, ахыԥхьаӡарақәа роуп уи атәы аазырԥшуа. Иаҳҳәап, ахашәалеи аныхтәи аагозар, 2020 шықәсазы аихамҩа ахашәала 68 миллион мааҭ рҟынӡа, 2021 рзы- 175 миллион мааҭ, 2022 рзы- 255 миллион мааҭ, уажәы иаҳхысыз ашықәс азы 490 миллон мааҭ рҟынӡа Аԥсны аихамҩда ахашәала аиуит. Уи аиашазы иагьмаҷӡам, иахьеиҿҳарԥшуа иубоит", - иҳәеит Ҟәыруа.
Убасгьы иара иазгәеиҭеит аихамҩа аусура иаҳа ианырацәахо аныхтәқәагьы ишрыцло.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.