Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аҭаҭын аконтрабанда рымырхит

Зынӡа аԥснытәи аҳазалхыҩцәа ареспубликахь иҭалоз амашьына аҩнуҵҟа ирбеит аҭаҭын арԥхаразы асистемақәа 23 ҭоԥ, асигареҭқәа 3 ҭоԥк.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа адекларациа зызумыз аҭаҭын аалыҵ 5 200 цыра аҳәааҿы ирымырхит. Абри атәы аанацҳауеит АҲЕ апресс-маҵзура.
Урыстәылантәи Аԥсныҟа аконтрабанда алеигаларц даҿын автомашьына Toyota аԥсҟы зкыз ареспублика атәылауаҩ.
Уи ангәарҭа, иара имырхит аҭаҭын арԥхаразы асистемақәа 23 ҭоԥ, асигареҭқәа 3 ҭоԥк.
Административтә зинеилагаразы аматериалқәа ашьаусԥшааранӡатәии аҳазалхратә шьаусԥшаарақәеи рыҟәшахьы ирыҭоуп.