Аԥсны

Пицунда ажьырныҳәазы аԥсшьараз абиуџьеттә ҭыԥқәа иреиӷьу хԥа ирылашәеит

Атуризм Аԥсны аекономика ахырхарҭақәа иреиуоуп, ауаа раангыларҭа ҭыԥқәа еиҳа-еиҳа ирызҳауеит, иазҳауеит аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡарагьы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Пицунда 2024 шықәса ажьырныҳәазы аԥсшьараз абиуџьеттә ҭыԥқәа иреиӷьу хԥа ирылашәеит ҳәа аанацҳауеит заанаҵы аҭыԥқәа рҿаҵаразы амаҵзура Tvil.ru.
Бжьаратәла Пицунда аԥсшьараз ишәатәхоит 2 300 мааҭ уахыки-ҽнаки рзы. Еиҳа ибиуџьеттәны ишьоуп ҟрымтәи Сакии даӷьсҭантәи Дербенти – 1684 мааҭи 2112 мааҭи.
Анаҩс ицоит Еиски Саратови. Уа ахәқәа 2400 мааҭ еиҳам. Реиҳа зыхә цәгьоу курортны амаҵзура аӡбахә аҳәоит Феодосиа. Ара уахык азы бжьаратәла ишәатәуп 2957 мааҭ.