Цандрыԥшь аҳабла ажьырныҳәа 1 ауха иҟалаз амцакра иахҟьаны ф-ҭаацәарак хыҵакырҭада иаанхеит. Иблыз аҩны ажәытә зеиԥшынхарҭа ахыбра ауп, зынӡа 13 уаҭах ыҟан, ф-ҭаацәарак нхон. Иахьазы ҩныда инхаз ауааԥсыра ирыԥсҭазаашьоу, ирзыҟарҵо ацхыраара атәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Цандрыԥшь аҳабла ахада ихаҭыԥуаҩ Нали Цыгәба.
Иара иажәақәа рыла, зынхареи змазареи амца иалаблыз ауаа цхыраарас ирырҭаша макьана иалацәажәоит, ааха зауз аамҭала рыуа-рҭахы рҟны инхоит, иҟоуп аҽаџьара нхарақәак ахьрымаз ииасызгьы.
"Абри азҵаара иахьа излауала ҳамчала аӡбара ҳаҿуп. Гагра ахадара аҟынтәи акомиссиа ааны игәарҭеит, иҭырҵаауан. Уажәы иазырӡбароуп раԥхьатәи ацхыраара. Ахыбра аргылара аԥара маҷны изго акәым, унадыххылангьы иузыӡбо акәӡам. Аҭӡамцқәа бзиоуп, ажәытә ргылароуп, уахьахәаԥшуа ишьақәургылар ауеит уҳәаратәы иҟоуп", - иҳәеит Цыгәба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.