Урыстәыла

"ВКонтакте" аусураҿы аиԥҟьарақәа азгәаҭоуп

Амобилтә цҵа аусураҿы аиԥҟьарақәа Аԥсны иахьаҵанакуагьы иазгәаҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Урыстәыла "Вконтакте" зхы иазырхәо зегьы аҳа аусура иақәыӡбоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, амаҵзура "Сбой.рф" адыррақәа шьаҭас иганы.
Москватәи аамҭала асааҭ 11:39 рзы иазгәаҭан 6005 шшыԥхьыӡ. Урҭ рыхәҭак – 31% Москва ақалақь аҟынтәоуп, 15% – Санкт-Петербург, 4% - Краснодартәи атәылаҿацә.
Аилахәыра апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит регионқәак рҿы ахархәаҩцәа ауадаҩрақәа роур шалшо.
"Иныҭкааны амаҵзура ахархәара алыршаразы аусурақәа мҩаԥаагоит", - ҳәа рҳәеит аилахәыраҿы.