Урыстәыла

Урыстәыла амилаҭтә мазарабзанхара Афонд аҿы евро нымхаӡеит

2023 шықәса анҵәамҭазы Афонд 11,9 триллион мааҭ ма атәыла аҩнуҵҟатә хашәалахәы аҟынтәи 8% артәеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Урыстәыла амилаҭтә мазарабзанхара Афонд аҿы евро нымхаӡеит, абри атәы азгәаҭоуп Афинансқәа рминистрра асаит аматериалқәа рҿы.
Ԥхынҷкәынмзазы афонд 1,5 триллион мааҭ рҟынтәи 11,9 триллион мааҭ рҟынӡа илаҟәит, адолларқәа 17,7 миллиард рҟынтәи - 113,4 миллиард рҟынӡа илаҟәит.
Убри аан Афинансқәа рминистрра афонд аҟынтәи 2,9 триллион афедералтә биуџьет адефицит ахҩара иазынанашьҭит.
"2023 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Урыстәыла Абанк аԥхьаӡараҿ иҟаз Урыстәыла амилаҭтә мазарабзанхара Афонд амазарақәа – 114 947,6 миллион китаитәи иуаньқәа, 232 584,5 кьыла ахьы, 573,7 миллион евро 2 900 000,0 миллион мааҭ ҳәа иҭин. Аԥарақәа афедералтә биуџьет адефицит ахҩара иазынанашьҭын. Арҭ аоперациақәа ирымаданы Афонд аҿы аевро нымхаӡеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәыла аиҳабыра 2021 шықәсазы мап ацәыркит афонд аԥарақәа адоллартә активқәа рыла аинвистициахь рынашьҭра. 2022 шықәсазы еиҿкаан аструктура ҿыц – зыҟны аинвестициақәа иуаньқәеи ахьи рыла мацара рымҩаԥгара ахьалшоз.