АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. 16% урыстәылаа Аԥсны ахәыҷқәа уцны аԥсшьараз иманшәалоуп ҳәа иршьоит. Абри атәы азгәаҭоуп "Росгосстрах" Урыстәыла атуроператорцәа реилазаара "Большая Страна" рдыррақәа рҿы.
Хԥа-аԥшьбатәи ахәҭа урыстәылауаа аекскурсиақәа алырхуеит, 28% зегь зҵазкуа аԥсшьара алырхуеит.
88% атуристцәа ргәаанагарала ахәыҷқәа рыцны Урыстәыла аԥсшьара ргәаԥхоит, 53% - Ҭырқәтәыла, 22% - Мысра, 18% - ЕАЕ.
Убри аан Урыстәыла аҩнуҵҟа ҭаацәаныла аԥсшьаразы еиҳа иалырхуа регионқәоуп Краснодартәи атәылаҿацә (71%), Санкт-Петербурги Ленинградтәи аобласти (52%), Москвеи Москватәи аобласти (43%), Карелиа (41%), Баикал (36%), Золотое кольцо (35%).
Ахәыҷқәа зцу аныҟәаҩцәа 43% рзы аӡҭарчы ахьыҟоу аотельқәа еиӷьны ирыԥхьаӡоит, ахәыҷқәа рзы апрограмма аҟазаара рҭахуп - 41%, иманшәалоу атрансфер - 23% , иҷыдоу афатә - 15%.
Ахәыҷқәа змоу 53% урыстәылаа аԥсшьара ианцо рхәыҷқәагьы ргоит. 38% аамҭа-аамҭала ахәыҷқәа рыманы рыԥсы ршьоит, 9% ахәыҷқәа зынӡагьы иргаӡом ԥсшьара ианцо.