2023 шықәсазы изакәанымкәа аԥсаӡқәа рыԥҟара иаҳа имаҷын ҳәа азгәалҭеит Ҭарԥҳа аиҿцәажәараҿы. Мамзышьха абҵара 29 рзы иаарԥшыз афактқәа рыда уаҳа азгәаҭамызт ҳәа лҳәеит лара.
"Аԥсаӡқәа ахьырҭиуаз аҭыԥқәа рҿы агәаҭарақәа мҩаԥаҳгон. Аԥсны анҭыҵынтәи иаагаз рыбжьара акык-ҩбак анрылашәоз ыҟан, усҟан аҭиҩцәа ҳрылабжьон. Иара ҳара имҩаԥаҳгаз аҭҵаарала игәаҳҭеит, ауааԥсыра иԥсабаратәым аԥсаӡқәа иаҳа аԥыжәара шарҭо", - ҳәа лҳәеит Ҭарԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.