Ааигәа Мрагылара уажәы ицо ахҭысқәа еснагь аҭыԥ рыман, зны маҷ-маҷ, зны еиҳа амца шыра аманы ҳәа азгәеиҭеит арадиоефир аҿы аполитолог.
"Иемен, Иран, Ирак, Газатәи ахҭысқәа ҿыц жәабыжьны иҟамлеит, арҭ аҳәынҭқаррақәа зегьы убысҟак динхаҵарыла, рыцҳарыла, беиарыла еиқәшәаӡом, аҳәынҭқарра дуқәа ирыхҟьаны ажәыларахь икылсуеит, нас хәыҷык рыҽдырҭынчуеит", - иҳәеит Ҳагба.
Иара еиҭеиҳәеит, Ааигәа Мрагылара иҟоу ахҭысқәа Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыдеи ахьынӡеидҳәалоу, насгьы аҳәынҭқарра дуқәа ринтересқәа ныррас иҟарҵо.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.