Аԥсны

25 нызқь тонна рҟынӡа амандарина Урыстәылаҟа иргахьеит асезон иалагеижьҭеи

Ишазԥхьагәарҭо ала, ари ацитрустә сезон азы Аԥсны иалыргараны иҟоуп 30 нызқь тонна раҟара амандарина.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны ацитрустә сезон ахыркәшарахь инеиуеит, Урыстәылаҟа иалгоуп 25 нызқь тонна рҟынӡа амандарина. Абри атәы арадио Sputnik адырраҭара "Атәылауаҩи аиҳабыреи" аҿы иҳәеит атәыла ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Хагәышь.
Иара иҟаиҵаз ахәшьарала, асезон бзиан, аҽаҩра ҵыԥх аасҭа еиҳа имаҷны ишҭагалазгьы, ахаҭабзиара еиӷьын.
“2022 шықәсазы 39 нызқь тонна аҽаҩра ыҟан, сынтәа - 30 нызқь тонна инацны. Аха сынтәа аҽаҩра акыр еиӷьуп, ахәгьы бзиоуп. Аԥсны аҩнуҵҟа 80 мааҭ рҟынӡа инаӡон, амандарина ахаҭабзиареи ашәагааи инақәыршәаны", - ҳәа азгәеитеит Хагәышь.
Асезон аҿаԥхьа дҵа хадас иқәгылоу - аекспортиорцәа рзы аурыс-аԥсуа ҳәаа ахыгараан аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵароуп.
“Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы урыстәылатәи рколлегацәеи дареи асезон ибзианы рҽазыҟарҵеит. Аҳәааҿы еихәлахара ҳәа акгьы ыҟамызт. Ибзианы еиҿкаан. Ақыҭауаа уи даара ирыхәеит", - иҳәеит иара.
Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәа иацҵо иҳәеит Аԥсны ацитрустә плантациақәа ишрыгымхо, еиҳагьы ауаа аиҭаҳатә ишадҵаало. Ақыҭауаа аӡәырҩы анхамҩа маҷқәа еиҿыркаауеит, Ақыҭанхамҩа аминистрра амандаринақәа рплантациақәа реиҿкааразы апрограмма рҽаладырхәуеит, асовнхара дуқәагьы дырҿыцуеит.