Арадио

Ԥачлиа еиҭеиҳәеит амцарцәараан ауаҩы дзықәныҟәаша аԥҟарақәа ртәы

Очамчыра араион амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амцарцәараан изықәныҟәатәу аԥҟарақәа ртәы, еиҳарак игәцаракны хылаԥшра зҭатәу.
Sputnik
Ақыҭақәа хароуп, уахь ҳара ҳмашьына неиаанӡа аамҭа мцарцаз агәылацәа еизаны ирылшо ҟарҵароуп ҳәа азгәеиҭеит Ԥачлиа.
"Амцакра аныҟала аамҭазы аӡәы аҭел дасроуп, анаҩс амца арцәара уалагаанӡа афымцалашара ырцәатәуп. Агәылацәа еизаны ирылшозар аӡы ақәҭәара иалагароуп. Ааигәа ауаџьаҟ амца ҭалеит ҳәа иасит, амцарцәаҩцәа ирарҳәеит иҟарҵаша, уи зегьы иахәеит аиқәырхаҩцәа неиаанӡа", - ҳәа иҳәеит Ԥачлиа.
Иара еиҭеиҳәеит ауаҩы амца анеиқәуиҵогьы агәҽанызаара ааирԥшыр шахәҭоу, убри аан арԥхагақәа, ауаџьаҟқәа еснагь илаԥш рхызароуп.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.