Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асахьақәа зыҩназ ахыбраҿы амцакра ҟалеит ҳәа АҶА аҷаԥшьаҩ иахь адырра ҟалеит ажьырныҳәа 20-21 руха.
Уи афонд аҿы ишьҭан еицырдыруа аԥсуа ҟазацәа - Александр Шервашиӡе-Чачба, Варвара Бубнова, Борис Петров, Владимир Контарев, Марина Ешба, Витали Лакрба, Валери Гамгиа, Витали Џьениа, Амиран Адлеиба, Ольга Брендель, уҳәа аӡәырҩы русумҭақәа.
Амцакра ашьҭахь иалшеит аусумҭақәа 200 раҟара реиқәырхара. Урҭ Виктор Шьеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габелиа, Висарион Ҵәыџьба, Варвара Бубнова уҳәа иҵегьы аӡәык ҩыџьак русумҭақәа. Александр Шервашиӡе-Чачба русумҭақәа реиқәырхара алымшеит.
Аԥсны АҩАР иҟалаз зыхҟьаз ҳәа еиуеиԥшым амзызқәа ҭырҵаауеит, гәҭакрала абылрагьы налаҵаны. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы раԥхьатәи аматериалқәа еидыркылоит, амцарцәара-техникатә експертиза азгәаҭоуп.