https://sputnik-abkhazia.info/20240121/amtsa-iakhkhaz-aazara-amilat-sakhat-galereia-shyblyz-1049905061.html
Амца иахәхаз аҟазара: Амилаҭтә сахьатә галереиа шыблыз
Амца иахәхаз аҟазара: Амилаҭтә сахьатә галереиа шыблыз
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа аԥҵан иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы, уи афондқәа рҿы иҵәахын 4000 цыра асахьақәа. 21.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-21T21:44+0300
2024-01-21T21:44+0300
2024-01-22T12:11+0300
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/15/1049898278_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_4aadb68b568073f5cfe89dc890d3570b.jpg
Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асахьақәа зыҩназ ахыбраҿы амцакра ҟалеит ҳәа АҶА аҷаԥшьаҩ иахь адырра ҟалеит ажьырныҳәа 20-21 руха.Уи афонд аҿы ишьҭан еицырдыруа аԥсуа ҟазацәа - Александр Шервашиӡе-Чачба, Варвара Бубнова, Борис Петров, Владимир Контарев, Марина Ешба, Витали Лакрба, Валери Гамгиа, Витали Џьениа, Амиран Адлеиба, Ольга Брендель, уҳәа аӡәырҩы русумҭақәа.Амцакра ашьҭахь иалшеит аусумҭақәа 200 раҟара реиқәырхара. Урҭ Виктор Шьеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габелиа, Висарион Ҵәыџьба, Варвара Бубнова уҳәа иҵегьы аӡәык ҩыџьак русумҭақәа. Александр Шервашиӡе-Чачба русумҭақәа реиқәырхара алымшеит.Аԥсны АҩАР иҟалаз зыхҟьаз ҳәа еиуеиԥшым амзызқәа ҭырҵаауеит, гәҭакрала абылрагьы налаҵаны. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы раԥхьатәи аматериалқәа еидыркылоит, амцарцәара-техникатә експертиза азгәаҭоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/15/1049898278_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_a1fb2d72232cc7253240dc8a6e789f1a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, фото
Амца иахәхаз аҟазара: Амилаҭтә сахьатә галереиа шыблыз
21:44 21.01.2024 (ирҿыцуп: 12:11 22.01.2024) Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа аԥҵан иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы, уи афондқәа рҿы иҵәахын 4000 цыра асахьақәа.
Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асахьақәа зыҩназ ахыбраҿы амцакра ҟалеит ҳәа АҶА аҷаԥшьаҩ иахь адырра ҟалеит ажьырныҳәа 20-21 руха.
Уи афонд аҿы ишьҭан еицырдыруа аԥсуа ҟазацәа - Александр Шервашиӡе-Чачба, Варвара Бубнова, Борис Петров, Владимир Контарев, Марина Ешба, Витали Лакрба, Валери Гамгиа, Витали Џьениа, Амиран Адлеиба, Ольга Брендель, уҳәа аӡәырҩы русумҭақәа.
Амцакра ашьҭахь иалшеит аусумҭақәа 200 раҟара реиқәырхара. Урҭ Виктор Шьеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габелиа, Висарион Ҵәыџьба, Варвара Бубнова уҳәа иҵегьы аӡәык ҩыџьак русумҭақәа. Александр Шервашиӡе-Чачба русумҭақәа реиқәырхара алымшеит.
Аԥсны АҩАР иҟалаз зыхҟьаз ҳәа еиуеиԥшым амзызқәа ҭырҵаауеит, гәҭакрала абылрагьы налаҵаны. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы раԥхьатәи аматериалқәа еидыркылоит, амцарцәара-техникатә експертиза азгәаҭоуп.

Ажьырныҳәа 20-21 руха Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хада ахыбраҿы амцакра ҟалеит.ала в Сухуме вспыхнул пожар.

Аҩбатәи аихагылаҿы Амилаҭтә сахьатә галереиа аусумҭақәа рышьҭаҵарҭа ыҟан, уа иҵәахын 4000 цыра рҟынӡа аԥснытәии аҳәаанырцәтәии асахьаҭыхыҩцәа.

Аҭыԥ ахь иаразнак инеит амцарцәаратә гәыԥқәа 11, аха афонд аиқәырхара алымшеит, асахьақәа реиҳараӡак блит.

Ари асахьаҿы ижәбоит Аԥсны жәлар рпоет, аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа ибиуст.

Ахыбраҿы амцакра ҟалеит асааҭ 03:30 рзеиԥш, уи арцәара рылшеит асааҭ 7 рзеиԥш. Sputnik аҭыхратә гәыԥ аннеи, дара аус шыруц ируан.

Абас иҟалеит аԥсуа сахьаҭахыҩыцәа ршедеврқәа ахьыҵәахыз Амилаҭтә сахьатә галереиа иахьатәи амш азы.

Маҷк иадамхаргьы, афонд ахәҭак аиқәырхара рылшеит. Виктор Шьеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габелиа, Виссарион Ҵәыџьба уҳәа аӡәык-ҩыџьак русумҭақәа 200 раҟара еиқәхеит.

Урҭ рыбжьара иҟоуп Варвара Бубнова лусумҭақәа ҩба - апортрети апеизажи, урҭ рыҩбагьы асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа иҟазарҭахь игеит еиҭашьақәиргыларц азы.

Атәыла ахада Апрокуратура хада адҵа риҭеит иҟалаз шыҟалаз ҭырҵаар азы.

Аԥсны АҩАР иҟалаз зыхҟьаз ҳәа еиуеиԥшым амзызқәа ҭырҵаауеит, гәҭакрала абылрагьы налаҵаны.

Иуникалтәу аусумҭақәа рыбжьара иҟан Александр Шервашиӡе-Чачба иқыцә иҵыҵыз асахьақәеи иескизқәеи 300 инареиҳаны.

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы раԥхьатәи аматериалқәа еидыркылоит, амцарцәара-техникатә експертиза азгәаҭоуп.