Аԥсны

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Ацәыргақәҵатә зал хада амца закыз еилыркаауеит

Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы амцакра ҟалеит амҽыша, ажьырныҳәа 21 асааҭ 03:30 рзеиԥш.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хада амца закыз еилыркаауеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Заанаҵтәи адыррақәа рыла, амцакра ҟалеит асааҭ 03:30 рзеиԥш. Еиуеиԥшым амзызқәа ҭырҵаауеит, гәҭакрала абылрагьы налаҵаны", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Уажәы ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы раԥхьатәи аматериалқәа еидыркылоит, амцарцәара-техникатә експертиза азгәаҭоуп.
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, АҶА аҷаԥшьаҩ иахь адырра ҟалеит асааҭ 03:38 рзы. Амца дырцәон Аҟәа, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Очамчыра рымцарцәаратә гәыԥқәа 11, аха амца аанкылара анрылша асааҭ 7 рзоуп.
Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа иажәақәа рыла, ахҭыс збаз ишырҳәаз ала, амца раԥхьа ахыб аҿы иакит ҳәа, анаҩс ирласны ахыбра зегьы амҽханакит.
Аҩбатәи аихагылаҿы асахьақәа зегьы ахьыҵәахыз ишьҭан ԥшь-нызқь цыра рҟынӡа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа, Александр Шервашиӡе-Чачба, Варвара Бубнова уҳәа ӡәырҩы ртәқәагьы налаҵаны. Урҭ зегьы реиҳарак амца иалаблит.