Аԥсны

Ацәыргақәҵатә зал хада абылраан шаҟа усумҭа еиқәхаз еилкаахеит

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу ахыбра амца акит ажьырныҳәа 20-21 руха, уи иалаблит Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа иртәыз асахьақәа реиҳараӡак.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд иалаз 150 сахьа реиқәырхара алшеит ҳәа адырра ҟарҵеит Акультура аминистрра апресс-маҵзура.
Еиқәхаз рыбжьара иҟоуп Виктор Шьеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габелиа, Виссарион Ҵәыџьба, Ҭачулиа, Минасиан русумҭақәа.
Амилаҭтә галереиа аԥҵан иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа раан. Уи ахатә хыбра амамызт, Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбраҿы қьырала ауада ганы иҩнаҵаны ирыман. Уа асахьақәа рыҵәаразы аҭагылазаашьа анааломызт.
Агалереиа анапхгара изныкымкәа атәыла анапхгара ирыдҵаалахьан Пушкин имҩаҿы игылоу иара 1999 шықәсазы иазалырххьаз, аха иахьа уажәраанӡа еиҭашьақәыргылам ахыбрахь ииаргарц.