Аԥсны

Ацәыргақәҵатә зал хада абылраан Варвара Бубнова лусумҭақәа ҩба еиқәхеит

Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы амцакра ҟалеит ажьырныҳәа 21 рзы ҵхыбжьон, акыр шықәса зезизгара иаҿыз еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа алаблит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Варвара Бубнова лусумҭақәа ҩба - апортрети апеизажи - еиқәхеит АЗХ абылраан ҳәа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа.
Аусумҭақәа ирыхьӡцәҟьақәоу макьана еилкаам. Иара иҟазарҭахь иганы ирбоит.
"Еилырганы, исрыцқьеит, ибарц иганы ишьҭасҵеит. Ақьаад даара иҵаӷоуп, излауала ирбаны, акгьы амырхькәа еиқәырхатәуп", - иҳәеит Габлиа.
Аԥсны Амилаҭҭә сахьатә галереиа аԥҵан иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы. Уи афонд иалан ԥшь-нызқь рҟынӡа Александр Шервашиӡе-Чачба, Варвара Бубнова, Марина Ешба уҳәа авторцәа иаԥырҵаз аусумҭақәа.
Аԥсны
Ацәыргақәҵатә зал хада абылраан шаҟа усумҭа еиқәхаз еилкаахеит
Агалериа ахатә хыбра амамызт, уи Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәыз Ацәыргақәҵатә зал хада аҩбатәи аихагылаҿы ауада қьырала иганы асахьақәа шьҭаҵаны ирыман. Уи азы уи ахыбра ишахәҭаз еиқәыршәаны.
Агалериа анапхгара изныкымкәа аиҳабыра рахь аҳәара ҟарҵахьан ари азҵаара рыӡбарц. Ахыбра ҿыц рызмыргыларгьы, асахьақәа рыҵәахразы аҭагылазаашьақәа аԥырҵарц.