Аԥсны

Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы амца иацәынхеит 200 усумҭа

Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы амцакра ҟалеит ажьырныҳәа 21 рзы ҵхыбжьон, акыр шықәса зезизгара иаҿыз еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа алаблит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы амца иацәынхеит аусумҭақәа 200 ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Акультура аминистрра апресс-маҵзураҿы.
Еиқәдырхаз аусумҭақәа Аԥсуа театр ареквизитқәа рзал аҿы ишьҭарҵеит, урҭ ареставраторцәа рыхәаԥшроуп. Асахьаҭыхыҩцәа аӡәырҩы асахьақәа рыҩныҟақәа рахь иргеит идырбарц азы.
Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа аԥҵан иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы, уи афондқәа рҿы иҵәахын 4000 цыра асахьақәа. Уи афонд аҿы ишьҭан еицырдыруа аԥсуа ҟазацәа - Александр Шервашиӡе-Чачба, Варвара Бубнова, Борис Петров, Владимир Контарев, Марина Ешба, Витали Лакрба, Валери Гамгиа, Витали Џьениа, Амиран Адлеиба, Ольга Брендель, уҳәа аӡәырҩы русумҭақәа.
Аԥсны
Ацәыргақәҵатә зал хада абылраан Варвара Бубнова лусумҭақәа ҩба еиқәхеит
Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асахьақәа зыҩназ ахыбраҿы амцакра ҟалеит ҳәа АҶА аҷаԥшьаҩ иахь адырра ҟалеит ажьырныҳәа 20-21 руха.
Амца дырцәон Аҟәа, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Очамчыра рымцарцәаратә гәыԥқәа 11, аха амца аанкылара анрылша асааҭ 7 рзоуп. Амца егьырҭ ахыбрақәа рахь аиасра иахьымӡаӡеит.
Атәыла ахада Апрокуратура хада адҵа риҭеит иҟалаз шыҟалаз ҭырҵаар азы.
Аԥсны
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Ацәыргақәҵатә зал хада амца закыз еилыркаауеит