Аԥсны

Динара Смыр: Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд зегьы блит

Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд иатәыз асахьақәа ахьыҵәахыз Ацәыргақәҵатә зал хада ахыбра амца акит ажьырныҳәа 20-21 руха.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд иатәыз асахьақәа зегьы блит Ацәыргақәҵатә зал хада ахыбра амца ахьакыз ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр.
"Иҩназ зегьы блит, афонд зегьы. Акымзарак еиқәымхаӡеит. Амца иахьабалак иакит, 4000 цыра екземплиар рҟынӡа лалаблы ицеит. Ахаан зеиҭашьақәыргылара ҳалымшо асахьақәа... Александр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа 300 рҟынӡа...", - лҳәеит Смыр.
Лара ишылҳәаз ала, амца ахыбра аҩбатәи аихагыла зегьы амҽханакит, аусумҭақәа реиқәырхаразы алшара ҟамлеит.
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сақаниа асахьаҭыхратә галереиа аҭагылазаашьа иазкны
"Рыцҳарас иҟалаз, акгьы аҟаҵара залыршамхеит. Амцакра зыхҟьаз шьақәдыргылозар акәхап. Аҩбатәи аихагыла зегьы амца иамҽхакны иҟан, ҩналашьа ыҟамызт, ак еиқәурхартә иҟамлеит. Ари цәыӡ дуӡӡоуп ҳтәыла акультуреи аҟазареи русзуҩцәа рзы мацара акәым, Аԥсны зегь азы харҭәаашьа змам цәыӡуп", - ҳәа инаҵылшьит лара.
Смыр лажәақәа рыла, асахьақәа ахьыҵәахыз ахыбра амцакразы ашәарҭара ыҟоуп ҳәа аҳәынҭқарра аӡәгьы дадымҵаалацызт.
Аԥсны
Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хада ахыбра амца акит