Аӡыргарақәа, адәқьанқәа рыхьӡқәа, еиуеиԥшым аҩырақәа иааидкыланы ҳақалақьқәа рхаҿсахьеи, ҳхатәы бызшәа азакәан ақәныҟәашьеи иабанӡеишьашәалоу, абызшәатә политика ҳтәылаҿы иацклаԥшуа азакәан ирнамҭо алшарақәеи, мҩақәас иамоуи ари азҵаара, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны иҟаҵоуи иҟаҵами, абри азҵаарала арадио Sputnik аефир аҿы ргәаанагарақәа еибырҳәеит абызшәатә политиказы Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳаи афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Баҭал Хагәышьи.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.