Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Корсаиаԥҳа Гәлиа иҩны-амузеи аиҭашьақәыргылара иазкны

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ахыбра аҭагылазаашьа зеиԥшроу, акультуратә ҭынха ашәарҭадаразы еиҿкаау аусурақәа, насгьы афымцатә цәаҳәақәа ирҭагылазаашьоу.
Sputnik
Светлана Корсаиаԥҳа илҳәеит, амузеи аҭагылазаашьа агәаҭаразы акомиссиа шаԥҵаз 2016 шықәсазы. Уи иҟанаҵаз алкааҿы иарбоуп иҟоу апроблемақәа зегьы цәарганы ҳәа лҳәеит Корсаиаԥҳа.
2022 шықәсазы актәи аихагылаҿ, зынӡа зҭагылазаашьа цәгьаз ауадақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган. Уажәы амузеи аиҭарҿыцра амҩа иқәгылоуп ҳәа здыруеит лҳәеит Корсаиаԥҳа.
"Афымцацәаҳәақәа ахәҭакахьы иҳаԥсаххьеит, аха уи мацара иаӡбаӡом иҟоу апроблема. Араҟа амузеи ахыбра иҩноуп ауаа. Аҩбатәи аихагылаҿы ауаа нхоит, актәи аихагылаҿы ирхатәны иҟоуп, убарҭ ирымхәҳаны ҳара иаҳхатәны иҟамлакәа, ашәарҭадара атәы аҳәара цәгьоуп. Иара имԥсахыр, уара иуԥсахыз кыр аанагома? Ахыбра жәытәуп, акы ацрасыр, иаразнак зегьынџьара ицоит. Амузеи иазааигәаны игылоуп егьырҭ аргыларақәа, избанзар иазгәаҭамызт акультуратә ҭынха аҳәаа. Уа ак ҟалар, иаразанак амузеи ахыбрахь ииасуеит, еизааигәаны еилагылоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Корсаиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.