Аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра адоцент, апоет, аиҭагаҩ, Аԥсны Иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Лиудмила Хьыбба диижьҭеи иахьа 70 шықәса ҵит. Арадио Sputnik аефир аҟны аҵарауаҩ лыуаҩышьеи лусуреи атәы далацәажәеит ААУ афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи ркафедра аиҳабы Диана Џьынџьалԥҳа.
Лара илгәалалыршәеит шаҟа дрыхӡыӡаауаз Лиудмила Хьыбба астудентцәа, лареи дареи шеизааигәаз.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аҵарауаҩ Лиудмила Хьыбба диит Ешыра ақыҭан. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа школ- интернат даналга, дҭалеит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рыҟәша. Анаҩс лҵара иацылҵеит Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны. Лиудмила Хьыбба 1990 шықәсазы акандидаттә диссертациа лыхьчеит. Лара еснагь збызшәеи зыԥсадгьыли хьаас измаз, уи ӡырызгоз дыруаӡәкын. Лқәыԥшра шықәсқәа инадыркны лыԥсҭазаара змалдаз лыԥшәма - апоет, аҵарауаҩ, апатриот Владимир Платон-иԥа Анқәаб ихықәкы хада ицназыгӡоз лакәын. Лиудмила Хьыбба лыԥсҭазаара далҵит 67 шықәса дшырҭагылаз.