АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Spunik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәылатәи ареставраторцәа Аԥсныҟа иааит Аҟәа ажьырныҳәа 21 рзы Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбраҿы иҟалаз абылра иацәынхаз асахьақәа реиқәырхаразы.
"Ари азал аҿы еизеит Урыстәылатәи Афедерациаҿы ахәшатә шәыгақәа рзы иреиӷьу ареставраторцәа", - ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Урыстәыла Акультура аминистрра амузеиқәеи адәныҟатәи аимадарақәеи рдепартамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, аделегациа анапхгаҩы Наталиа Чечель.
Лара лажәақәа рыла, аспециалистцәа раԥхьа аинвентаризациа мҩаԥыргароуп асахьақәа иааидкыланы ирзутәу аилкааразы - иаарласӡаны ареставрациа рзутәу, "Аконсервациа" аҭыԥан ирзутәу. Асахьақәа ирыхәаԥшуеит, рфото ҭырхуеит, урҭ усс ирыдулатәу азгәарҭоит.
Чечель ишылҳәаз ала, ишыҟаҵәҟьаз реиҭашьақәыргылара зылшо асахьақәа ыҟоуп.
"Арҭ рҩызцәа аусурақәа иаарласӡаны имҩаԥгалатәуп, еиҵахарак ҟалар, рҽеишьа змам апроцессқәа ирылагар ауеит", - лҳәеит лара.
Сахьақәак ара аҭыԥ аҿы идырҽеиуеит, егьырҭ Санкт-Петербург ма Москваҟа игатәхоит. Ареставраторцәа Аԥсны ашәахьанӡа иаангылоит, анаҩс арахь аамҭа-аамҭала иаалоит.