Арадио

Анқәаб еиҭеиҳәеит, алашара арцәара аӡы аҟазаара ишаныԥшуа атәы

Аҟәатәи "Аӡыршьҭра" анџьныр хада Мераб Анқәаб арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит афымцалашара арцәараан аҳҭнықалақь аҿы ауааԥсыра ӡыла ишеиқәыршәахо атәы.
Sputnik
Мераб Анқәаб иажәақәа рыла, Аҟәа ӡыла аиқәыршәаразы аус руеит аӡхагалага хадақәа ҩба. Урҭ рахьынтә Кьалашәыр иҟоу лашарала еиқәыршәоуп, Гәымсҭа иҟоу акәзар, аамҭа-аамҭала алашара арцәара иаҵанакит. Убри аан иара иҳәеит, аӡхагалага хада ахьыҟоуи имаҷу аӡҭарҷқәа ахьықәгылоуи аҭыԥқәа рҿы алашара шдырцәало хазы-хазы, уи иахҟьаны ақалақь ӡыла аиқәыршәара уадаҩхоит.
Аӡыршьҭра аусзуҩцәа аиқәыршәара иаҿуп асхема, алашара аныҟоу аамҭазы ауаа ӡыла еиқәыршәахаратә еиԥш.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.