Аԥсны

"Амшынеиқәафымцамч": асабшеи амҽышеи аамҭа-аамҭалатәи алашара дырцәаӡом

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭеи Аҟәеи аамҭа-аамҭала алашара дырцәаӡом ажьырныҳәамза 27-28 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.
Џьынџьал иажәақәа рыла, Урыстәылатәи рколлегацәа иаарыцҳаит, асабшеи амҽышеи афымцалашра аушьҭразы атехникатә лшара шроуз.

"Ашәахьеи аҩашеи иҟало еилкааӡам, макьана даҽа дыррак ҳамаӡам", - ҳәа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы.

Уаанӡа ирылаҳәан урыстәылатәи аганахь ала атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны ажьырныҳәа 26 инаркны 31 рҟынӡа аамҭа-аамҭала алашара арцәара шалагалаз: иззеиқәшаҳаҭхахьаз 300-340 МВт амчхара аҭыԥан 240 МВт аарышьҭлоит ҳәа.
Аԥсны
Аԥсны ахәҭак аамҭа-аамҭала алашара дырцәалоит ажьырныҳәамза нҵәаанӡа