Арадио

Џьонуа Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи иагу еиҭеиҳәеит

Изеиԥшроузеи ҳкультуратә хәшҭаарақәа ирхәҭаку Ҷлоу ақыҭан иҟоу Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи аҭагылазаашьа, абылра уҳәа ицәырҵуа ашәарҭарақәа иабанӡарцәыхьчоу, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амузеи аиҳабы Роберт Џьонуа.
Sputnik
Роберт Џьонуа иажәақәа рыла, ааигәа амузеи аҿы ахыб ԥсахын, ҿыц иҟаҵан аӡымҩангагатә цәаҳәақәа. Агәҭынчымра цәырызго афымцалашароуп. Афымцатә цәаҳәақәа ԥсахын, аха инагӡаз аусура ахәшьара азҭаша аспециалист игәаиҭар ҳҭахын ҳәа иҳәеит Џьонуа.
"Уахынла алашара зегьынџьара иҳарцәоит. Аха зны-зынла ақәыӷәӷәара аҽанеиҭанакуа амцыбз ыҵҟьар ҳәа ҳшәоит. Уаҟа иҟаӡам уахынла амцакра ҟалар адырра узҭаша амаруга. Убри аус даара иаҳҭахуп. Ихьчатәу аҩны ахаҭоуп, ари даара кыр зхыҵуа ахьатә ҩнуп. Баграт Шьынқәба ишәҟәқәа роума, иҩырақәа роума урҭ зегьы ишахәҭоу ишьҭоуп, уи аганахьала акы ҳацәшәартә ҳаҟаӡам", - ҳәа иҳәеит Џьонуа.
Амузеи аиҳабы иазгәеиҭеит, аштат аҿы дшарбам ахьчаҩ, уи дыҟазар шахәҭоу. Иара убасгьы амузеи ахь уназго амҩа аҭагылазаашьа далацәажәо иҳәеит, аиҭашьақәыргылара шаҭаху.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.