Урыстәыла

Путин Ленинград аблокада уаҩы иимбац гәымбылџьбароуп ҳәа ахиҳәааит

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан афашистцәа Ленинград ақалақь 872 мшы амацәаз иҭакны ирыман. 1944 шықәса ажьырныҳәа 27 рзы ақалақь ахы иақәиҭтәын, уижьҭеи сынтәа 80 шықәса ҵит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Ленинград аблокада уаҩы иимбац гәымбылџьбароуп, цәгьацәыԥхамшьароуп, уи иалаӡит миллионҩык инареиҳаны аҭынч уааԥсыра ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин, абри атәы акьыԥхьоит РИА Новости.

"Уаҩы иимбац мҽхакыҭбаалатәи агәымбылџьбареи цәгьацәыԥхамшьареи ауп Ленинградтәи аблокада - амилаҭеилыхцәа ақалақь зегь ақәхра акәын гәҭакыс ирымаз. Миллионҩык инареиҳаны ленинградаа - аҭынчуааԥсыра ахьҭакра, амлакра, ахысрақәа, арҭҟәацрақәа ирызцәымцеит", - ҳәа иҳәеит Путин асабша, амилаҭеилыхцәа СССР имҩаԥыргаз агеноцид иалаӡыз рыхьӡала амемориал аартра иазкыз аусмҩаԥгатә аҟны.

Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа раан амилаҭеилыхцәеи урҭ рымҩанызаҩцәеи иҟаз арежим, ма аидеологиаз ишымеибашьуаз, урҭ хықәкыс ирымаз СССР иамаз амал шакәыз.