Арадио

Малиа ақәыргыламҭа "Саншьа Иуана" азы: алыхәҭа икылхны аџьабаа адаҳбалеит

Sputnik
Антон Чехов ипиеса ала аспектакль "Саншьа Иуана" аԥсуа сценаҿы иқәыргылахоит иааиуа амза аҽеиҩшамҭазы, уажәы аус адулара мҩаԥысуеит. Арежиссиор иалихыз атема актиорцәа ишрыдыркылаз, иарбан зҵаарақәоу уи иқәнаргыло, аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист, Иуана ироль назыгӡо Адгәыр Малиа.
"Ҳахьынаԥшааԥшуа ас еиԥш аҭагылазаашьа, аперсонажцәа ааигәасигәа иаҳбоит, ҳаԥсҭазаара иазааигәоуп, иуԥыхьашәақәо рацәоуп. Ҩнуҵҟала уазымнеир, ас еиԥш апиеса ахәмарра даара ицәгьоуп. Баша атекст ҵаны асцена уқәлеит ҳәа акгьы аанагаӡом. Ирымҳәалои "асцена - асаркьа" ҳәа, ахәаԥшҩы ихаҿсахьа ибаратәы, иаҳҳәо нагӡаны ахәаԥшҩы иҟынӡа инаҳгартә еиԥш алыхәҭа икылхны, даара аџьабаа адаҳбалеит", - иҳәеит Малиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ақәыргыламҭа иалахәуп Аԥсны Жәлар рартист Сергеи Габниа, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистцәа Тома Гамгьиа, Адгәыр Малиа, Лаврик Ахба, иара убас Розита Ҭаниа, Есма Кәыҵниа, Лана Џьопуа, Леон Кәыр-оӷлы. Аурыс классик иҩымҭа аԥсшәахь еиҭеигеит арежиссиор Валери Ақаҩба.