Арадио Sputnik аефир аҟны иира амш аҽны Сергеи Габниа иазгәеиҭеит ауаҩы бзиа ибаны дызҿу аус агәаԥхара инаҭоит, анаҩс уи агәаԥхара дзацәцараны дыҟам ҳәа.
"Ауаҩы илахьынҵамҩа дануп. Сара стәы атеатр аҟны саанагеит, иҟоуп аҽаџьарагьы анахьа-арахь сахьаҟьаз", - иҳәеит Габниа.
Иара игәалаиршәеит арра ашьҭахь аргылараҟны аус шиуаз, аҟазараҭҵааҩ Боча Аџьынџьал иашәаҳәабжь аниаҳа, атеатртә институт дҭаларц шиабжьеигаз.
Актиор инаигӡахьоу арольқәа рҟынтәи ицәажәараҿы иаликааит арежиссиор Валери Ақаҩба иқәиргылаз "Ажәҩан аҿықә".
"Ақаҩба иқәыргыламҭаҟны 13 сцәырҵуеит. Рыжәахынтәгьы даҽа ҟазшьак, даҽа ҵакык алан. Иҟоуп апиесаҿы актиор ахы инаркны аҵыхәанӡа ианҽиимԥсахуа, сара уа жәахантә сҽеиҭаскуан. Зны срыцҳахәха, џьара амцаԥшь саҩызаны, абас еилаԥсаны ианыҟоу иласны аҽеиҭакра цәгьоуп. Убри иаҳа аџьабаа снарбеит. Насгьы ақәыргыламҭа "Шьапыла" аҟны алашә ироль сыхәмаруан. Уаагьы еиуеиԥшым аепизодқәа ыҟоуп, хԥа-ԥшьба хаҿсахьа ҟасҵеит", - иҳәеит Габниа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.