Sputnik арадио иацнаҵоит аиҿцәажәарақәа акультуратәи аҭҵаарадырратәи хәышәҭаарақәа рҭагылазаашьа аилкаара, урҭ ирымоу ауадаҩрақәа рӡыргара.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуеит аинститутқәа быжьба. Урҭ рахьынтә ҩба – аботаникатәи ақыҭанхамҩатәи хыбрак аҿы еицыҟоуп. Уи аргылара аҭагылазаашьа бзиоуп, иманшәалоуп. Егьырҭ аинституқәа хәба рҿы аремонт усурақәа мҩаԥгам, аеокномикатә институт зынӡагьы иамам ахыбра, ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараҿы Џьапуа.
Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум ахьтәо ахыбрагьы аҭагылазаашьа уааигәырӷьартә иҟам, иара ижәытәӡатәиу хыброуп, шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара аҭахуп.
Аинститутқәа зегьы рҿы ицоит аусура. Еиҳарак хылаԥшра змо абиблиотекақәа роуп. Аибашьраан иблыз аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотека ҿыц еидкылоуп, усҟан иара иамаз абжараҟынӡа ишьақәгылоуп, аха ахыбра аҭагылазаашьа ахьыуашәшәыроу иахҟьаны уи еиҭа ашәарҭара иҭагылоуп. Ицоит аусурақәа абиблиотекақәа ацифрахь аиагаразы, аха аинститут иамазароуп иара ашәҟәқәа рхаҭақәагьы, иҳәеит Џьапуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.