АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Шьамтәыла АдәАР ахада Феисал аль-Микдад агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АдәАр апресс-маҵзура.
Аиԥылараан аганқәа алацәажәеит Аԥсни Мрагылара ааигәа атәылақәаки реизыҟазаашьақәа рырҿиара, уи аус аҟны Шьамтәыла ацхыраара ишазыхиоу.
Иара убасгьы ирзааҭгылан ҩ-ганктәи аиныррақәа аполитикатә, ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә усхкқәа рҟны.
Мухаммад Али Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны Аԥсны ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан 2023 шықәса жьҭаарамзазы. Уаанӡа ари аҭыԥ ааникылон Баграт Хәытаба.